Ферзба Отар Ахәрашәа узысҳәоит (Песня о ранении)

Исполнитель: Ферзба Отар Длительность: 03:42 Размер: 3.39 МБ Качество: 128 kbit/sec Формат: mp3
Ну как песня, понравилась? Поделись с друзьями!

Текст песни "Ферзба Отар — Ахәрашәа узысҳәоит (Песня о ранении)"

Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы,
Сҩызцәеи сашьцәеи рыгәымшәара сымоуп саргьы.
Ахы сықәшәаргьы, сызгаша сара
Удгьыл ҳалал самоудап гәыблыла уара.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Иахьа иумоуп ахәра ӷәӷәала ихьанҭоуп,
Иуџьабоит уҵеицәа зыҧсы ухҭаҵо.
Унышә кәымпыл рықәҳаҧсап ҳнапала,
Уара иуыхьчап гәыблыла иугәыдуҳәҳәала.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Урҭ рышьа аауырцаз ҳакоуп тоубауны,
Ахақәиҭра ырзааҳгарц ҳгылоуп ҳахианы.
Сабиҧара змырӡыз сашьцәа сықәлацәа,
Хашҭра шәықәны шәыҟам шәарҭ наунагӡа.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.
0:00 0:00

Заголовок проигрывателя Подзаголовок проигрывателя

(режим воспроизведения)